Версия для печати

Мшаԥымза 5 рзы аилатәараҿ иалацәажәеит

Изакәанымкәа афымцалашара ахархәара иаҿагыланы Очамчыра араион аҟны аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи акрааҵуеит, имаҷӡам иҟаҵоугьы. Аха иахьа уажәраанӡагьы уи азҵаара аганахьала ауааԥсыра рҭагылазаашьа шуадаҩыц иаанхоит.
Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артимон Гиви-иԥа Габелаиа хантәаҩыс дызмоу, закәандарала афымца ахархәара аԥырҟәҟәаара хықәкыс измоу аштаб еиднакыло:

аҩнуҵҟатәи аусқәа Очамчыратәи аҟәша аиҳабы А.В.Чагәаа, араион апрокурор В.И.Сабекиа, араион афымца-ҳа аиҳабы М.Н.Зарандиа русеицура иалҵшәаны иалыршоуп раарԥшра, русурагьы аанкылоуп акриптофермақәа маҷымкәа. Аха рыцҳарас иҟалаз, аамҭақәак рышьҭахь ҩаԥхьа урҭ аусура иалазырго ауаа рхыԥхьаӡара маҷыҩӡам, есааирагьы иацлоит уҳәар алшоит. Уи азҵаара ҵарны иқәгылан ааигәа Очамчыра араион ахадараҿ амчратә усбарҭақәа реиҳабацәеи араион ақыҭақәа рхадацәеи злархәны имҩаԥгаз аилатәара аҿаԥхьа.
Иааидкыланы араион аҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо, Артимон Габелаиа иҳәеит агәҭынчымра зхылҿиаауа акы акәны дшахәаԥшуа араион ауааԥсыра имаҷымкәа ауадаҩрақәа рзаԥызҵо ари азҵаара иахьагьы иӡбамкәа иахьыҟоу. Иҳәеит уи азы аусурақәа ишрыцҵатәу, закәанеилагарала ахныҟәгара, аԥара арҳара хықәкыс измоу дарбанзаалак иду аҭакԥхықәра иеилыркаараз еиуеиԥшым азнеишьақәа ахархәара шрыҭатәу. Инаҵшьны иазгәеиҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҭагылазаашьа аиӷьтәра анзалмыршаха, араион адгьылҵакыра иқәынхо ауааԥсыра инеиԥынкыланы лашарада иаанхар шалшо.

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Среда, 07 апреля 2021 12:15