Версия для печати

Амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа

Инеиԥынкыланы ааигәа иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны Лабра ақыҭа ауааԥсыра злеиҭанеиааиуаз Дӷамшь аӡиас ихыз ацҳа ахархәара еиԥҟьеит. Ари ақыҭа иалсуа аӡиас ацҳа еиманадо ауаа рырацәара анаҩсгьы, убри амҩа заҵәык ауп ақыҭа ашколхәыҷқәа жәпаҩыкгьы зланыҟәо.
Жәаҩа шықәса раԥхьа ари аҭыԥ аҿы ихыз ашьапылацҳа аӡы ианага ашьҭахь, ихҵаз ацҳа ҿыц иахьа уажәраанӡа ахархәараҿ ишыҟац иҟан.

Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа амшцәгьақәа раан ацҳа ахқәа маҷ-маҷ аӡы иҵнаӡәӡәаауан, иаҳа-иаҳа иуашәшәырахон. Аҵыхәтәантәи аамҭаз иҟалаз аӡхыҵра ацҳа шьаҭанкыла иарбгеит. Иахьатәи уи аҭагылазаашьа злашәарҭахаз ала, машьынала акәым, шьапыла ақәсрагьы гәаӷьуацәоуп.
Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артимон Гиви-иԥа изныкымкәа уи аҭыԥ даҭааны аҭагылазаашьа гәеиҭахьан, аха уи аиҭашьақәыргылараз иаҭахыз алшарақәа араионтә биуџьет амч ахьақәымхоз иахҟьаны, ацхыраараз иахәҭоу ашәҟәқәа еиқәыршәаны атәыла анапхгарахь ишьҭын.
Иазгәаҭатәуп, лассы-лассы зҳәаақәа ирҭыҵуа Дӷамшь аӡиас ақыҭа анхацәа имаҷымкәа аԥхасҭагьы шырнаҭо. Аӡы рыҵалоит, иҵнаӡәӡәаауеит урҭ зқәаарыхуа адгьылқәа. Уи аԥырҟәҟәааразы, ацҳа ахаҭа аиҭашьақәыргылара анаҩсгьы, имҩаԥгатәу аусқәа маҷӡам аӡиас аԥшаҳәа арӷәӷәаразы.

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Четверг, 08 апреля 2021 15:54