Версия для печати

Гәыргәылиа: ахәшә ақәызҭәаз, аҽаҩра рацәамхаргьы, иҭаргалоит

Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ешсоу Гәыргәылиа арадио Sputnik аефир аҟны сынтәатәи аура зеиԥшроу атәы далацәажәеит.

"Ҵыԥх аасҭа сынтәа иаҳа имаҷуп аџьықәреи лазҵаз, амармалташьтә птыи акәыкәбаа чымазареи рԥырхагахеит. Араион аҟны анхацәа рыурақәа бжеиҳан иҭаргалахьеит. Амармалташьтә пты аџьықәреи иахьацҳаз икылабааит, аҽаҩра аԥхасҭа ахьаиуз ыҟоуп. Ҳаамҭазы иумхәышәтәыр, аҽаҩра узҭамгало иҟалеит. Араион аҟны амандаринагьы аԥхасҭа амоуп, аха ахәшә ақәызҭәоз рҽаҩра цәгьам. Хԥаҟа тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳақәгәыӷуеит", — иҳәеит Гәыргәылиа.

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Среда, 31 октября 2018 12:38