Версия для печати

Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵа

Жьҭаара 26, 1992 шықәсазы Очамчыра ахақәиҭтәразы иаԥшьгаз, аха ақәҿиара змауз ажәылара иалахәыз аишьцәа Аслани Руслани Џьапуаа раҳәшьа Мадина еиҭалҳәоит урҭ аибашьра ахҭысқәа лгәалашәараҿы ишаанхаз.
Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Мадина Џьапуаԥҳа 12 шықәса ракәын илхыҵуаз. Лашьцәа еиҳабацәа Аслани Руслани рыԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ирыхьчеит. Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы дҭахоит Леон иорден занашьоу Аслан, Агәымшәараз амедал занашьоу Руслан, иашьа данҭахаз аҽны ҳаӷацәа дрытҟәоит, аибашьра ашьҭахь игәамбзиара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵуеит. Лашьцәа реибашьратә хҭысқәа лгәалалыршәоит раҳәшьеиҵбы Мадина Џьапуаԥҳа.
Аибашьра ианалага
Аибашьра анцоз сара 12 шықәса ракәын исхыҵуаз, Тҟәарчал сани саби рҿы сыҟан. Сашьцәа Аслани Руслани Аҟәа иҟан. Аслан иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, аҭоурыхтә факультет аҩбатәи акурс аҿы дтәан, Руслан ҿыц аррамаҵзура далган дааит, иашьа иахь Аҟәаҟа дцаны дыҟан. Исгәалашәоит жьҭаарамза 24 ауха аҩныҟа ишааз. Аха уи аԥхьа рыӡбахә ҳаҳахьан Гагра ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара иалахәын ҳәа. Аслан иҩызцәа иманы аҩны дааҩнашылеит. Иҩызцәа рҟынтәи Мариал Кәыҵниа иоуп исгәалашәо, схәыҷын, иҩызцәагьы цқьа исыздыруамызт. Ауха астол рзыҟаҳҵеит, сҭаацәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Аха, издыруадаз усҟан, сааҭқәак рнаҩс ирԥеиԥшхараны иҟаз.
Аҵыхәтәантәи аиқәшәара
Аслан иҩызцәеи иареи Руслан дрыцӡамызт. Сан, раԥхьа Аслан данылба даанаԥшааԥшит. "Уан дыԥсааит, Русик дабаҟоу?" — лҳәеит. Аслан дааԥышәарччан ус налаҭеикит: "Ах, мама, Русик иоума еиҳа игәхьаабго", — иҳәан даахлафит илҳәаз, нас днеины дааигәыдиҳәҳәалеит. "Уара уанызба сгәы еиҳа иҭынчхеит, Русик данызымба ауп санҵааз, мамзар, шәҩыџьагьы сара сзы аӡә шәами", — лҳәеит. Акрырфеит, нас рыԥсқәа ааиҭаркырц ишеилаҳәаз инықәиеит, даараӡа икараханы иҟан. Дара ыцәан, ҳара ҳтәан, ҳашьҭало ҳаҟазма? Ус алашыбжь геит. Сара соуп раԥхьа идәылҟьаз. Санынаԥш аӡә даауеит ар маҭәа ишәҵаны, аха дысзымдырӡеит. Иԥаҵақәа аужьуп, ихы аеҵәа лента акәыршоуп, абџьар икуп. Сгачамкны сгылоуп, саншәа, мама ҳәа сыҳәҳәазаап. Данычча ауп даныздыр, Руслан иакәын. "Мадина" иҳәан сааигәыдиҳәҳәалеит. Сан ҳабжьқәа анлаҳа иаразнак ддәылҟьеит, дыҩуа днаиԥылан даалгәыдлыҳәҳәалеит лыҷкәын. Ҩ-машьынакны иаауан. Асланраа зҭаз амашьына аҩныҟа иааит, егьырҭ ақалақь ахь ихалеит, уи ауп изеивнагаз.
Саб иажәақәа сгәалашәоит. Шьыжьымҭан ашырԥазӡа, Аслан ахаан иҟаимҵацыз ҟаиҵеит иҳәеит. Днеин дахьышьҭаз илахь днагәӡын абас еиԥш иеиҳәеит: "Саб, ҳара ҳцеит, хьаас ҳҟаумҵан", — ҳәа дындәылҵит. Саб убри хьаас иман, абас зыҟаиҵазеи, ицәа акы алашәан дыҟазар ҟаларын ҳәа. Ари жьҭаарамза 25 шьыжьымҭан акәын. Абас сашьцәа рҩызцәеи дареи ашҭа инҭыҵны ицеит. Рыӡбахә ҳәа акгьы ҳаздырӡомызт уи аҽны. Ҳшыгәжәажәоз амш мҩасит. Дара "Дед" игәыԥ иалалазаап, Очамчыра ақалақь аҭарцәразы ажәылара амҩа иқәлазаап. Уи атәы зҳәо ауха иҭыхыз авидеонҵамҭақәагьы ыҟоуп.
Ажәабжь хлымӡаах
Жьҭаарамза 26 рзы, ашьжьымҭан ауаҩы даҳзааит. Сани саби ишакәым рыбжьқәа саҳауеит, аҵәыуашьҭыбжьы еиԥшны. Сара сышьҭан, сымгылаӡацызт. Шәыҷкәынцәа шьны иааргеит ҳәа рарымҳәаӡеит, хымԥада, хыхь Тҟәарчалҟа ҳхалароуп рҳәан иргеит. Анаҩстәи ахҭыс хлымӡаахуп. Дук хара имгакәа сан лыҽшьуа дырзеиқәымкуа ашҭа иааҭалеит ауаа, ус Аслангьы амашьына дааҭыргеит. Бжьыкгьы даҽаџьара игон: "Иура умшәан, уҷкәын аиҵбы иԥсы ҭоуп. Аслан рыцҳа иоуп, Русик иԥсы ҭоуп", — ҳәа. Уи аҽны Аслан дҭахеит, Руслан дытҟәаны ҳаӷацәа дыргеит.
Аԥсра абла аҭаԥшра
Иҟалаз шыҟалаз саб еиликаауа далагеит, амашьына ишҭаблыз аҷкәынцәа, иаанхазгьы хаԥсыра шырхыргаз. Ирықәымҿиаз ажәылара аҟынтәи ихынҳәны ишаауаз, ҳаибашьцәа зҭатәаз амашьына аӷа амацәаз иҭаикит. Амашьына иеихсуа иалагеит. Аслан ашә ааигәара дтәан, уа дахьҭатәаз ахы иаахахьан. Шьапыла амашьына ашә данас, дҭыбганы дкаҳаит. Дахькажьызгьы ахысра даҿын. Руслан ила иабеит Аслан иԥсы анихыҵуаз. Руслан урҭқәа дрылацәажәаӡомызт шамахамзар, иҭахӡамызт. "Аслан инапқәа дышрыцҳауаз иԥсы ааихыҵит", — иҳәеит Русик. Амашьына амца акын, алҩа ахылҵуан. Иахьҭыҵуазгьы рбомызт, арахь ахәцәа рацәаҩын. Амашьына аԥенџьыр аҟынтә ауаа адәахьы иршәуан. Виачеслав Бганба иҩымҭаҿгьы убас иҳәоит: " Руслан, сара соуп аҵыхәтәаны амашьына иҭирбгаз, иааилиршазеи?"-ҳәа. Руслан деибган, ахы заахан иҟаз зегьы абас рыԥсеиқәырхара дашьҭан. Зыԥсы ҭаны иаанхаз аӡәырҩы иара ибзоуралоуп ишынхаз.
Атҟәара

Зыԥсы ҭаны иаанхаз амҩа ҳбоит ҳәа ишцоз, ҷкәына қәыԥшк дырԥылеит. Амҩа ҳарба ҳәа иахьиазҵааз, аӷацәа рганахь инапы рхханы идирбеит, уахь идәықәиҵеит. Ирдыруааз, дхәыҷуп рҳәан игәра ргеит. Амҩан ақырҭқәа рԥылан, итҟәаны иргеит. Беслан Делба дхәын азы Очамчыра уа дааныркылеит. Руслан, Џьон Зарандиа, Мурман Гәарамиа, Виачеслав Бганба, Гурам Кәарҷиа тҟәаны еицыргеит. 18 мшы Очамчыра иҭакын.

Ианиашьа ихаҵашьоуп
Аӷацәа рнапаҵаҟа ианыҟала ирзаарцоз еилкаау усуп. Мышқәак уа иҭакын, анаҩс адҵа ҟалеит Қарҭҟа рышьҭразы. Руслан уахь ицыргаз уажә исгәалашәаӡом. Аҳаирплан ҳанхалоз иҳәеит Русик, аӡәы артҟәацга икызаарын, ианԥижәа Русик аԥҽыхақәа илалеит. Иара иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа ус ирзалымхкәа егьилан. Уи акәхап ачымазара бааԥсгьы изцәырызгаз. Руслан иӡбахә аниаҳа, Џьаба Иоселиани иара иахь диԥхьеит. Абахҭа ҵаҟа иҟан, Иоселиани хыхь аԥшьбатәи аихагылаҿы дыҟан. Руслан ус иеиҳәеит: "Уауҳашьҭуеит, ҳара уҳадгыланы уеибашьуазар", — ҳәа. "Ус ахааназы ҟалашьа амам", — ҳәа Русик инапы астол иқәикшеит. Аԥшьбатәи аихагыла инаркны ҵаҟа дылбааргаанӡа ишисуаз мацара иҭыԥ аҟынӡа дааргеит. Абахҭаҿы ацәгьоуцәа ахьҭакыз дрыцҭаркит. Ауха иԥсы маҷхеит, ицҭакқәаз ацхыраара ирҭеит, ԥсымышьҭыгакгьы иҿарҵон. "Сыԥсахәага еиқәдырхеит", — ҳәа Русик игәалашәарақәа рҿы иҳәалон.
Аиҭныԥсахлара
Ақырҭуа аинралки Руслани еиҭнырыԥсахлеит. Усҟантәи аамҭазы сара сыҟан Пицунда. Саб иахәшьцәа, сашьеиҳаб Аслан иԥшәмаԥҳәыси иԥҳаи ҳаицын. Апансионат аҿы ҳахьыҟаз дрыман иааит Русик. Аха, игәаӷьны узихәаԥшуамызт. Русик иаҳдыруаз дабаҟаз?.. Маҷк игәабзиара анҭышәынтәала, иҩызцәа аибашьцәа дрылагыланы Шромаҟа еибашьра дцеит. Аиааира амш аҽнынӡа иабџьар шикыз икын.

Еиҭеиз

Сашьеиҳаб Аслан имшҩынеижәа аҽны Руслан Тҟәарчал дыҟан. Сани саби ирцәыӡхьаз рԥа иԥсы ҭаны ашҭа данҭала ишьхынԥсылеит, анаҩстәи реиқәшәара атәы ахҳәаа аҟаҵара уадаҩуп. Руслан ихы итәны ахаан акагь ҳзеиҭаиҳәаӡомызт, рыжәтә хәыҷык анижәлак, сан дыргәыбзыӷны акы илырҳәақәарц лҽазылшәалон.
Аразҟы

Сашьцәа рҩыџьагь лахьынҵак-лахьынҵак рыман. Аибашьра ашьҭахь Руслан аҭаацәара далалеит. Ҩыџьа арԥарцәеи, ҭыԥҳаки драбуп. Анцәа иџьшьаны хшарала дбеиоуп, игәазхара ибаанӡа иԥсынҵры кьаҿхеит умҳәозар. Илызҳауеит Аслан иԥҳагьы.

Аԥеиԥш

Аслан аибашьраҿы Руслан ус иаиҳәалон: "Сара сеиҳабыми, еиҳабҵас аԥхьа сыргылала, уара сышьҭахь уҟаз", — ҳәа. Абас дихӡыӡаауан иашьеиҵбы. Аслан данҭахоз ихыҵуан 24 шықәса, Руслан аибашьра анцоз аамҭазы ихыҵуан 23 шықәса. Аслан иаҳаҭыр азы, Руслан иԥеиҳаб Аслан ихьӡуп. Аԥсынра Аиааира агеит! Уи иахҭынҵоу ҳаибашьцәа рыԥсҭазаара, рыхьӡ-рыԥша адунеи иақәлахааит!

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Среда, 31 октября 2018 12:52