Версия для печати

Мҩамш, аушьҭымҭацәа!

Ихыркәшоуп 2020-2021-тәи аҵарашықәс. Аԥсны егьырҭ араионқәа зегьы рҟны еиԥш, Очамчыра араион аҟынгьы аушьҭымҭацәа ирызкны аныҳәатә хәылԥазы еиҿкаан. Уи хацыркын Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аԥсны ахақәиҭтәраз зхы иамеигӡаз афырхацәа.

Анаҩс ииасит аныҳәатә программа ахадаратә хәҭахьы. Ашкол аушьҭымҭацәа рыдныҳәалараз асценахь ицәырҵит ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану Очамчыратәи ахәыҷбаҳча «Аӡыхь» аушьҭымҭацәа. Урҭ инарыгӡеит угәалаҟазаара шьҭызхуаз акәашара.

Иара убас аушьҭымҭацәеи, ашкол аиҳабацәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи ирыдныҳәалеит, ажәа ԥхақәа рызкуа, рнапы злаку аусқәа рҟны аманшәалара рзеиӷьыршьеит араион ахада Б.Бигәаа, аныҳәа зхы алазырхәыз Аԥсны аҵара аминистр И.Габлиа, араион аҵара аҟәша аиҳабы Ф.Џьынџьиа. Ирҳәеит жәеиза шықәса аҵара дзырҵаз рырҵаҩцәеи аџьабаа рыдызбалаз рҭаацәеи шыдмырԥхашьаша, иаӡәыкны ишазгылаша Аԥсны иаҵеицәа иашақәаны.   

Аныҳәатә программа иацҵо, асценахь ааԥхьара рыман ибзиаӡоу ахәшьарақәа рыла зҵара хзыркәшаз 12-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ араион ахадара ахьӡала аҳаҭыртә бӷьыцқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи хаҭала рнапы иаиркит араион ахада Б.Бигәаа.

Ахәылԥаз ахь имҩахыҵыз зегьы гәахәа дула ирыдыркылеит Аԥсны еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрба, Хатуна Ҭарба, Саида Габниа уҳәа аӡәырҩы рықәгыларақәа, иара убас ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа Валериа Ԥерцхьелиа, Викториа Лацәышԥҳа, Валериа Адлеиԥҳа, Нила Наҷҟьебиа, Софиа Аслоиани рбаҩхатәрақәа ахәаԥшцәа ргәалаҟазаара акырӡа ишьҭнахит.

Агәырӷьаратә хәылԥазы хыркәшан асалиут ашьҭрала.

 

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Суббота, 17 июля 2021 08:05