Жьҭаара 26, 1992 шықәсазы Очамчыра ахақәиҭтәразы иаԥшьгаз, аха ақәҿиара змауз ажәылара иалахәыз аишьцәа Аслани Руслани Џьапуаа раҳәшьа Мадина еиҭалҳәоит урҭ аибашьра ахҭысқәа лгәалашәараҿы ишаанхаз.Сырма Ашәԥҳа, Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Мадина Џьапуаԥҳа 12 шықәса ракәын илхыҵуаз. Лашьцәа еиҳабацәа Аслани Руслани рыԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ирыхьчеит. Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы дҭахоит Леон иорден занашьоу Аслан, Агәымшәараз амедал занашьоу Руслан, иашьа данҭахаз…