Арухаа: ҳконцертқәа рыла ажәлар ҳарлахҿыхып ҳәа ҳгәы иҭоуп

Абҵара 14 рзы асааҭ 16:00 Очамчыра имҩаԥысуеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аоркестр аконцерт, уи акультура аминистрра ишьақәнаргылаз аплан ала иазгәаҭоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.

"Аконцерт акультура аминистрра ишьақәнаргылаз аплан ала имҩаԥаагоит. Иара убас, ԥхынҷкәын 3 рзы иазгәаҭоуп Пицунда ҳақәгылара. Иазгәаҭатәуп, аконцертқәа ахьымҩаԥаагац ҳажәлар даара ргәы иаахәаны ишрыдыркыло, ас еиԥш аоркестр аҟазаара ибзиоуп ҳәа зегьы иазырыԥхьаӡоит. Ҳапрограммагьы анхацәа хәыҷык иарлахҿыхып ҳәа ишьақәыргылан иҳамоуп. Ҳарҭгьы артистцәа раҳасабала, даара ҳгәы иаахәоит. Сгәы иаанагоит ҳазҿу арҿиара аус иацаҳҵап ҳәа, избанзар, уи ргәаԥхоит ахәаԥшцәагьы, ҳаргьы бзиа баны ҳаҿуп", — ҳәа азгәеиҭеит Арухаа.

Абҵара 14 рзы асааҭ 16:00 Очамчыра имҩаԥысуеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аоркестр аконцерт.

 

Оцените материал
(0 голосов)
Последнее изменение Понедельник, 03 декабря 2018 13:01

Экстренные службы


Пожарно-спасательная часть по охране Очамчырского р-на

Адрес: г. Очамчыра, ул. Чачба, 142.

001

911


Дежурная часть ОВД по Очамчырскому району

Адрес: г. Очамчыра, ул. Аиааира, д.1.

+7940 2510017

+7940 2510021


 

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Официальный сайт Администрации города Очамчыра, Республика Абхазия

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта

будет приостановлено 20 апреля 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.